Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Арсалиаԥҳа ацәыргақәҵа "Ухызхуа атәылаҿацә" азы: аинтерес рызцәырнагоит аҭҵааҩцәа

Арсалиаԥҳа ацәыргақәҵа "Ухызхуа атәылаҿацә" азы: аинтерес рызцәырнагоит аҭҵааҩцәа
Анапаҵаҩра
Аҟәа иаатуа ацәыргақәҵаҿы иӡыргахо аусумҭақәа, урҭ аԥызҵаз аҟазацәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа.
Рашәарамза 9 рзы Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иаатуеит ацәыргақәҵа "Ухызхуа атәылаҿацә". Ацәыргақәҵаҟны аҭааҩцәа ирбар рылшоит Аԥсны акультура, аҟазараҟны зышьҭа аанзыжьыз аурыс сахьаҭыхыҩцәа ХХ ашәышықәса актәии аҩбатәии азыбжазы Аԥсны иаԥырҵаз русумҭақәа.
"Дара даара ргәы хнахит ари атәылаҿацә, аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа инарыдгыланы Асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аԥҵараҟны аума, раԥхьатәи ацәыргақәҵақәа рымҩаԥгара аума, ауаажәларратә усураҟны аума, рлагала ыҟоуп, рыхьыӡқәа аҭоурых иарбоуп", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.
Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа аизгаҟынтәи, иара убас ахатәы коллекциақәеи рҟынтәи ицәыргахоит аҿыханҵеи аграфикеи рырҿиамҭақәа 35. Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы еиҭалҳәеит иарбан сахьаҭыхыҩцәоу зусумҭақәа рбар рылшо ацәыргақәҵа иаҭаауа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ацәыргақәҵа "Ухызхуа атәылаҿацә" ахь инагоу аусумҭақәа рбара алшоит рашәарамза 9 инаркны 18 рҟынӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0