Аиҿцәажәара алагамҭаз Лев Кәыҵниа Москваҟа ицара атәы далацәажәеит, иҳәеит аиԥыларақәа рҿы иззааҭгылаз азҵаарақәа ртәы. Иара убас иҳәеит, урыстәылатәи рколлегацәеи дареи уаҟа аус зларуа аԥсабаратә цәырҵрақәа ртәы узырбо асистема Аԥсны ахархәаразы аицәажәара шрымоу. Ҳаиқәырхаҩцәа уи аус адыруларцаз ҷыдала аҽазыҟаҵарақәа ирхысраны ишыҟоу.
Лев Кәыҵниа иара убасгьы иҳәеит, иахьазы раионцыԥхьаӡа ишымҩаԥысуа аиԥыларақәа ашоурақәа раан русуразы. Далацәажәеит иара убасгьы араионқәа рнапхгаҩцәеи дареи ирыбжьоу аимадара атәы. Зны-зынла ишыҟам аилибамкаарагьы.
"Аимадара иаҳа иҟазар бзиан. Араионқәагьы рҭагылазаашьа цәгьоуп, уи еилаҳкаауеит, аха ҳаҳәарақәа ахаҵгылара рымаӡам. Амашәыр ҟалаанӡа агәҿанҵара аҭахуп. Ҳара иҳалшо ҟаҳҵароуп, наҟынтә ацхыраара ҳазымԥшыкәа, ҳаизхәыцны аус еицаҳур, ашәарҭадара ҟалоит", – иҳәеит Кәыҵниа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.