Аԥсны

Илона Хәарцкьиаԥҳа зметр кьаҿу лролик актәи аҭыԥ анашьахеит Лондон

Аҳамҭа анашьара мҩаԥысуан Лондонтәи акинотеатр Regent Street Cinema аҟны. Зынӡа иалахәын 60-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 11 - Sputnik. Аԥсуа режиссиор Илона Хәарцкьиаԥҳа аноминациа "Adidas азы аӡыргара" ("Рекламный ролик для Adidas") аҟны актәи аҭыԥ ланашьахеит, иара убас аусумҭа астудентцәа рӡыргара NAHEMI/Kodak Commercial Awards иреиӷьӡоу х-усумҭак иахыԥхьаӡалахеит.
Аԥсуа режиссиор, афотоҭыхыҩ Илона Хәарцкьиаԥҳа Лондонтәи акино азы академиаҟны аҵара лҵоит. 2015 шықәса инаркны 2019 шықәсанӡа лара Sputnik Аԥсны аҟны бильд-редакторс аус луан.
Ари аҩыза алҵшәа аӡәгьы дазыԥшӡамызт. Избан акәзар, аконкурс иалахәын зхаҭабзиара ҳаракыз аусумҭақәа. Азал аҟны ҳантәаз амонтажҟаҵаҩи сареи ҳнеихәаԥшит "ҳҽалаҳархәит, уи ауп ихадоу" ҳҳәеит. Минуҭқәак рышьҭахь аноминациа Adidas азы аӡыргара аҟны актәи аҭыԥ шаҳгаз рыларҳәеит. Иара убас аконкурс зегьы аҟны аҩбатәи аҭыԥ", - лҳәеит арежиссиор.
Аролик 30 секунд еиҳамзар акәын. Аҭыхрақәа ирылахәын Илона аҵара лыцызҵо лҩызцәа.
Короткометражный ролик Илоны Хварцкия занял первое место на конкурсе в Лондоне