Урыстәыла

Украина итҟәаны ирымаз 94-ҩык урыстәылатәи аруаа рхы иақәиҭтәуп

Sputnik
АҞӘА, рашәара 11 - Sputnik. Аиҿцәажәарақәа ирылҵшәаны Украина итҟәаны ирымаз 94-ҩык урыстәылатәи аруаа рхы иақәиҭтәуп, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.

Аусбарҭаҟны иазгәарҭеит, зхы иақәиҭу аруаа Урыстәыла атәылахьчара иатәу амедусҳәарҭақәа рахь ишнагоу, дара аҽыхәшәтәреи ареабилитациеи иахысуеит.

Аруаа амедицинатәии апсихологиатәии цхыраара рырҭоит.