Урыстәыла

Украинатәи ар иаха аӷба "Приазовье" ажәлара агәҭакын

Sputnik
АҞӘА, рашәара 11 - Sputnik. Украинатәи ар акатер-дронқәа рыла аӷба "Приазовье" иажәлеит, уи аамҭазы аҳауаҿы аԥшыхәра мҩаԥнагон БПЛА ЕАА Global Hawk, ажәыларақәа зегьы лыҵшәадахеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.

"Иахьа сааҭки бжаки инацны украинатәи арбџьармчқәа лыҵшәада Амшынеиқәатәи афлот иатәу аӷба "Приазовье" ажәлара мҩаԥнагеит, аӷба агазмҩанагагақәа "Турецкий поток", "Голубой поток" ацәаҳәақәа ирхылаԥшуеит.

Аминистрраҟны иазгәарҭеит, "аӷба ааха шамаиуз, аӡәгьы дҭамхеит" ҳәа.
"Акатер-дронқәа рыла аӷба "Приазовье" ианажәлоз аамҭазы аҳауаҿы аԥшыхәра мҩаԥнагон БПЛА ЕАА Global Hawk", - рҳәеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрраҟны.
Амшынеиқәатәи афлот иатәу аӷба "Приазовье" аҿаԥхьа иқәгылоу адҵақәа нанагӡоит рҳәеит аусбарҭаҟны.