Аԥсны

Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит рашәара 13 рзы

Sputnik
АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак рашәара 13 рзы асааҭ 00:00 инаркны 18:00 рҟынӡа ӡыда иҟазаауеит, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь "Аӡыршьҭра".
Ӡыржәтәда иҟазаауеит: Гәлиа имҩа ахәҭак, Академик Марр, Ажәанба, Ҷоҷуа, Шотландскаиа, Ҳаразиа, Черниавски, Папасқьыр, Лашәриа, Гастелло.
Гәлиа имҩаҟны аӡымҩангагатә цәаҳәа аусура ахьеиԥҟьаз иахҟьаны аҳҭнықалақь ахәҭак ӡыда иаанхоит.