Аԥсны

Ақыҭа ҿар рыбжьара ирылаҳәаз аицлабра "Ҳалшара" ахь азыҳәақәа рыдкылара аҿҳәара иацҵоуп

Sputnik
АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Ақыҭа ҿар рыбжьара ирылаҳәаз аицлабра "Ҳалшара" ахь азыҳәақәа рыдкылара аҽҳәара рашәара 30 рҟынӡа иацҵоуп.
Аицлабра иалахәхар зылшо рықәра еиҵартәит, уажәшьҭа азыҳәақәа аларҵар ҟалоит ақыҭаҟны инхо анапҟазара знапы алаку 14 шықәса инаркны 30 шықәса зхыҵуа аҿар.
Ари аицлабра ахықәкы – ақыҭаҿ иҟоу аҿар амилаҭтә наплакҩцәа ралԥшаара, ақыҭаԥсҭазаара аҩаӡара ашьҭыхра, аҿар аџьауси апатриотизмреи рылааӡара, - аҳәоит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы рдырраҭараҟны.
Апроект азы иззыҳәо аԥара 200 нызқь мааҭ иреиҳамхароуп.
Аицлабра аԥҟареи азыҳәаҟаҵараз аинформациеи адырра алшоит Аҳәынҭеилакы асаит аҿы: gosmolsport@mail.ru аҟәша "Адокументқәа", ма аҭел + 7 (840) 226 47 23 ала.