Аԥсны

Донбасс ахьчаразы иҭахаз аԥсуа еибашьцәа "Гьаргь иџьарқәа" ранаршьеит

Донбасс ахьчаразы иҭахаз аԥсуа еибашьцәа Олег Бебиа, Даура Чҟониа, Роман Џьниа, Васили Пустосиолов рҭаацәарақәа аҳамҭақәа ранаршьеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Донбасс ахьчаразы иҭахаз аԥсуа еибашьцәа "ДЖәР Гьаргь иџьарқәа" ранаршьеит.
Аҳамҭақәа ранашьан Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны. Аҳамҭақәа рыҭан иҭахаз рҭаацәарақәа.

Урыстәыла амш аҽны Донбасс иҭахаз ԥшьҩык аԥсуа еибашьцәа рҭаацәарақәа аҳамҭақәа ранаҳшьеит. Дара руалԥшьа нарыгӡеит, Урыстәыла мацара акәым ирыхьчаз Аԥсныгьы рыхьчеит", - иҳәеит Аԥсны Амшынеиқәатә аказақцәа рыр атаман Вадим Мироненко.

Мироненко иажәақәа рыла, аҳамҭа "ДЖәР Гьаргь иџьарқәа" 2015 шықәсазы иаԥҵан Донбасс.
Донбасс ахьчаразы иҭахаз аԥсуа еибашьцәа "ДЖәР Гьаргь иџьарқәа" ранаршьеит
"ДЖәР Гьаргь иџьарқәа" ранаршьеит Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа 36-ҩык, иара убас Донбасс ацхрааразы Иаку ауаажәларратә штаб адгылара азҭо аволонтиорцәа хҩык.
Донбасс ахьчаразы иҭахаз аԥсуа еибашьцәа "ДЖәР Гьаргь иџьарқәа" ранаршьеит