Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аԥыза-министр УАМ Херсон ианалахысуаз далашәахьан

Рашәара 6 ауха УАМ Каховтәи ГЕС ԥыржәеит, астанциа хыхьтәи ахәҭа еилаԥырххааит, аӡхыҵра ҟалеит. Херсонтәи аобласт анапхгара аӡы зҵалаз аҵакырақәа рҟынтәи ауааԥсыра ралгара иалагеит, иахьазы арыцҳара иалгоуп ф-нызқьҩык.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Урыстәыла аԥыза-министр, ахәаахәҭра аминистр Денис Мантуров Херсонтәи аобласт дыҟаны дцеит, минуҭқәак рышьҭахь дахьыҟаз аҭыԥ украинатәи аруаа алахысра иалагеит, абри атәы РИА Новости иазеиҭарҳәеит аусбарҭаҟны.
"Уи аԥхьа аԥыза-министр Херсонтәи аобласт дыҟан, арегион анапхгареи иареи аӡы зҵалаз ауааԥсыра агуманитартә цхыраара рыҭара иалацәажәон", - рҳәеит аминистрраҟны.
Аминистр дахьыҟаз аҭыԥ иалахысуан британиатәи аракетақәа Storm Shadow.
Мантуров Херсонтәи аобласт дшыҟаз анеилкааха ашьҭахь, украинатәи аган даҽазны данаауа "дҭырхатәуп" ҳәа рҳәеит.