Аԥсны

Урыстәылауаҩ лцәа ԥырҽит ҳәа амилициа ахь арзаҳал лҩит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik, Бадри Есиава. Урыстәылауаҩ лцәа ԥырҽит ҳәа Гәдоуҭатәи аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәшахьы арзаҳал лҩит, абри атәы иҳәеит Зосма Гыцба араион ахадара есымчыбжьатәи аизараҟны.
Гыцба иажәақәа рыла, арзаҳал рыдыркылеит, зыхьӡ лҳәаз ахаҵа иҿахәы иҿыхразы амилициарахь дааргеит.

"Аматериал еидкыланы апрокуратурахь инашьҭуп. Арзаҳал зҩыз амедицинатә гәаҭара дахысроуп. Аусҭҵаара алҵшәақәа рышьҭахь ауп апрокуратура иҟанаҵо анеилкаахо", - иҳәеит иара.

Урыстәыла атәылауаҩ лцәаԥҽразы амилициа ахь арзаҳал лҩит рашәара 10 рзы.