АҞӘА, рашәара 13 – Sputnik, Сариа Кәараҵхьелиаԥҳа. Аҟәа амшын аԥшаҳәа ахәҭак аҟны арҽеиратә усурақәа мҩаԥыргоит Ақалақь амш азы. Абри атәы иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз амуниципалтә усбарҭа "Ақалақьргыларапроект" аиҳабы Асҭамыр Ԥиԥиа.
Аусурақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны идырҽеиуеит агәашьаркыра, "Амра" инаркны Амҳаџьырқәа рбаҟа аҟынӡа ашьаҟақәа лашаралеи алаҳәаракыдҵарҭақәеи рыла еиқәдыршәоит, асқьала "Амра" аҭаларҭа бетонла ихырҟьоит. Уи даара лыԥшыла ахаҳәцәы иеиԥшхоит.
Ԥиԥиа иҳәеит аусурақәа шцо ақалақь ахада Беслн Ешба иҟаиҵаз анапынҵала. Иара азкуп ԥхынгәы 8 рзы иазгәарҭо Ақалақь амши Аиааира 30 шықәса ахыҵреи.
"Амшын аԥшаҳәеи агәашьаркыреи рыҟны усурақәа хыркәшахоит ԥхынгәы 1 аҟынӡа, ашьаҟақәа лашарала реиқәыршәареи алаҳәаракыдҵарҭақәеи хыркәшахароуп ԥхынгәымза анҵәамҭаз", - ҳәа азгәеиҭеит Ԥипиа.
Аԥшаҳәа аиқәыршәазаараз Аҟәа ақалақь ахадара абиуџьет аҟынтәи 3,5 миллионмааҭ инареиҳаны азоужьҭра азгәаҭоуп.