АҞӘА, рашәара 13 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҟны Урыстәылатәи аҳазалхҩцәа закәаншьаҭада ацигара ииазгоз амашьына ааныркылеит. Абри атәы аанацҳауеит Шәача ақалақь Краснодартәи аҳазалхарҭа апресс-маҵзура.
Амашьын ВАЗ-2114 ҷыдала еиқәыршәаз амаӡаҭыԥ аҟны иԥшаан Еиду Арабтә Емираҭқәа рыҟны иҭыжьу аҭыҭын "Business Royals" 500 ҭоԥ. Амашьына аԥсҟы икын 25-шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩ.
Аҭыҭын аалыҵи амашьынеи имхуп, административтә зинеилагаразы аус хацыркуп.
2023 шықәса ҳтаҭалазар аԥуа-аурыс ҳәаа закәаншьаҭада аҭыҭын аалыҵ ахыгаразы 462 ус хацыркуп, 40 нызқь инареиҳаны ацигара ҭоԥқәа рымхыуп, инықәырԥшны рыхәԥса 5 миллионмааҭ рҟынӡа иартәоит.