Аԥсны

АҶА аусзуҩцәа Ԥсоу аӡиас аҿы Урыстәыла атәылауаҩ иԥшаара иаҿуп

Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа имҩаԥырго аԥшаарақәа рҟны ирыцхраауа иалагеит урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 15 - Sputnik. Аԥсны АҶА аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аӡхәыҵалаҩцәеи Гагра амцарцәара-еиқәырхаратә отриад аусзуҩцәеи рашәара 15 шьыжьы инаркны Ԥсоу аӡиас аҿы ишьҭоуп Урыстәыла атәылауаҩ Сергеи Проидин, абри атәы аанацҳауеит АҶА апресс-амаҵзура.
Аусбарҭа ишаанацҳауа ала, Проидин аӡиас иҽалаижьит аԥснытәи амилициа аусзуҩцәа рыла ишабоз, ашьыжь асааҭ 8 рзы, дара роуп аиқәырхаҩцәа адырра рызҭазгьы.
Аԥшаарақәа рҟны ирывагылеит урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа, урҭ аԥшаҳәаҿы иныҟәо ашхәа иақәтәаны аҟәара гәарҭон, аха иахьатәи амш иалагӡаны Проидин уаҳа дрымбеит.
Аԥшаарақәа ирҿуп аԥсуа ԥани аурыс ԥани рҿы.