https://sputnik-abkhazia.info/20230615/aa-auszutsa-sou-aias-ay-urystyla-atylaua-ishaara-iaup-1046363557.html
АҶА аусзуҩцәа Ԥсоу аӡиас аҿы Урыстәыла атәылауаҩ иԥшаара иаҿуп
АҶА аусзуҩцәа Ԥсоу аӡиас аҿы Урыстәыла атәылауаҩ иԥшаара иаҿуп
Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа имҩаԥырго аԥшаарақәа рҟны ирыцхраауа иалагеит урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа. 15.06.2023, Sputnik Аҧсны
2023-06-15T22:12+0300
2023-06-15T22:12+0300
2023-06-15T22:12+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102934/42/1029344240_0:104:2000:1229_1920x0_80_0_0_8bd3b3eee59e418f6af35a913275867c.jpg
АҞӘА, рашәара 15 - Sputnik. Аԥсны АҶА аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аӡхәыҵалаҩцәеи Гагра амцарцәара-еиқәырхаратә отриад аусзуҩцәеи рашәара 15 шьыжьы инаркны Ԥсоу аӡиас аҿы ишьҭоуп Урыстәыла атәылауаҩ Сергеи Проидин, абри атәы аанацҳауеит АҶА апресс-амаҵзура.Аусбарҭа ишаанацҳауа ала, Проидин аӡиас иҽалаижьит аԥснытәи амилициа аусзуҩцәа рыла ишабоз, ашьыжь асааҭ 8 рзы, дара роуп аиқәырхаҩцәа адырра рызҭазгьы.Аԥшаарақәа рҟны ирывагылеит урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа, урҭ аԥшаҳәаҿы иныҟәо ашхәа иақәтәаны аҟәара гәарҭон, аха иахьатәи амш иалагӡаны Проидин уаҳа дрымбеит.Аԥшаарақәа ирҿуп аԥсуа ԥани аурыс ԥани рҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102934/42/1029344240_112:0:1889:1333_1920x0_80_0_0_4455d2c1d7ab6ce07b09e66ed9a75f9f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
ажәабжьқәа
АҶА аусзуҩцәа Ԥсоу аӡиас аҿы Урыстәыла атәылауаҩ иԥшаара иаҿуп
Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа имҩаԥырго аԥшаарақәа рҟны ирыцхраауа иалагеит урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа.
АҞӘА, рашәара 15 - Sputnik. Аԥсны АҶА аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аӡхәыҵалаҩцәеи Гагра амцарцәара-еиқәырхаратә отриад аусзуҩцәеи рашәара 15 шьыжьы инаркны Ԥсоу аӡиас аҿы ишьҭоуп Урыстәыла атәылауаҩ Сергеи Проидин, абри атәы
аанацҳауеит АҶА апресс-амаҵзура.
Аусбарҭа ишаанацҳауа ала, Проидин аӡиас иҽалаижьит аԥснытәи амилициа аусзуҩцәа рыла ишабоз, ашьыжь асааҭ 8 рзы, дара роуп аиқәырхаҩцәа адырра рызҭазгьы.
Аԥшаарақәа рҟны ирывагылеит урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа, урҭ аԥшаҳәаҿы иныҟәо ашхәа иақәтәаны аҟәара гәарҭон, аха иахьатәи амш иалагӡаны Проидин уаҳа дрымбеит.
Аԥшаарақәа ирҿуп аԥсуа ԥани аурыс ԥани рҿы.