АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik. Агазеҭ "Аԥсны" аредактор хадас дҟаҵоуп Ахра Анқәаб, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аԥснымедиа" ахада Роберт Џьопуа.
Иара иҳәеит агазеҭ анапхгаҩ ҿыц аус шиуа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны, аредактор иус аҟны аԥышәа шимоу.
Ахра Анқәаб - аԥсуа литературеи аҭоурыхи ирызкны акыр аҭҵаарадырратә ҭыжьымҭақәа дравторуп.
"Сара агәыӷра ду сымоуп агазеҭ "Аԥсны" шьаҿак ԥхьаҟа иҟанаҵап ҳәа, анапхгаҩ ҿыц иусураҟны аихьӡарақәа изеиӷьасшьоит. Аԥсны акьыԥхь аҭоурых аҟны ақәра ду змоу ҳгазеҭ арҿиаратә ус аҟны адгылара аҭара сазхиоуп", - иҳәеит Роберт Џьопуа.
"Аԥсны" - аԥсышәала иҭыҵуа ауаажәларра-политикатә газеҭуп, иара Аԥсны реиҳа акрызхыҵуа периодикатә ҭыжьымҭоуп. Уи адаҟьақәа рҿы ицәырҵуеит ареспублика ауаажәларратә, аекономикатә, аполитикатә ԥсҭазаара иазку анҵамҭақәа.
Агазеҭ "Аԥсны" актәи аномер ҭыҵит жәабран 27 1919 шықәсазы. Ари арыцхә Аԥсны иазгәарҭоит Амассатә информациатә хархәагақәа ирымшны. Агазеҭ "Аԥсны" 1921 - 1991 шықәсқәа рзы "Аԥсны ҟаԥшь" ҳәа иахьӡын.