Аԥсны

Аԥсны аҳаҭыртә хаҭарнакра аартхоит Санкт-Петербург

Петербург ақалақь аҟны зегь иреиҳау ахыбра "Лидер Тауэр" 40-тәи аихагылаҿ иазалхуп Аԥсны ахаҭарнакра аофис.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik. Санкт-Петербург иаартхоит Аԥсны аҳаҭыртә хаҭарнакра ҳәа аанацҳауеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр.
"Зхыԥхьаӡара акыр ирацәоу Санкт-Петербург инхо ҳџьынџьуаа, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рофисқәа рыҟны имҩаԥыргон акыр зымҽхак ҭбаау жәларбжьаратәи ауснагӡатәқәеи афорумқәеи", - ҳәа азгәаҭоуп акьыԥхь аҟны.
Санкт-Петербург аофис аартра, Аԥсны ахаҭарнакцәа еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа ралахәхара арцыхцыхра иацхраауеит. Ахаҭарнакра аартра алыршахоит абиуџьет анҭыҵтәи ахарџьқәеи урыстәылатәи адәныҟаполитикатә усбарҭа иааигәаны реинырреи иабзоураны.
Иазгәаҭоуп, ахаҭарнакра аусура иаарласны ишалаго, аԥхьаҟа Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аиқәшаҳаҭразы Аԥсны аҳаҭыртә хаҭарнак икандидатура атәыла ахада Аслан Бжьаниа ишиӡбо.
Ахаша, рашәара 14 рзы Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум иалахәу Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аофис даҭааны ибеит. "Лидер Тауэр" аҟны Санкт-Петербург аҵараиурҭақәа рыҟны аҵара зҵо аԥсуа студентцәа дырԥылеит.
Аԥсны
Инал Арӡынба Петербург дырԥылеит Никарагуантәи аделегациа