Аԥсны

Лаша Ашәба Петербург Азакәанԥҵаратә еизара ахада диԥылеит

Аԥсны Апарламент аделегациа алахәуп Петербург имҩаԥысуа жәларбжьаратәи аекономикатә форум, уи хыркәшахоит рашәара 17 рзы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 15 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба Петербург Азакәанԥҵаратә еизара ахада Александр Бельски диԥылеит. Абри атәы аанацҳауеит Апарламент апресс-маҵзура.
Аганқәа еиуеиԥшым агумнитартә зҵаарақәа ирылацәажәеит, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан СССР ажәларқәа ралахәра иазку аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхареи, абаҟақәеи акультуратә мазареи рыхьчареи азҵаарақәа налаҵаны.
"Ҳара иҳамоуп еибаҳҳәаша азҵаарақәа рацәаны - атуристтә, акультуратә, аҵараиуратә хырхарҭақәа рҿы, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҿы. Аԥсны еснагь Урыстәыла иадгылон иуадаҩу агеополитикатә ҭагылазаашьаан, аекономикатә санкциақәеи иҷыдоу арратә операциеи раан", – ҳәа инаҵишьит Лаша Ашәба.
Аԥснытәи аделегациа, Апарламент аиҳабы инаҩс, иалоуп адепутатцәа Беслан Ҳалуашь, Алиса Гәлариа, Наур Нарманиа, урыстәылатәи аган ала аиҿцәажәарақәа ирылахәын адепутатцәа Павел Крупник, Марина Шишкина, Денис Четырбок, Санкт-Петербург иҟоу Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ихаҭыԥуаҩ Сергеи Чернышиов.