https://sputnik-abkhazia.info/20230615/lasha-ashba-peterburg-azakanarat-eizara-akhada-diyleit-1046360699.html
Лаша Ашәба Петербург Азакәанԥҵаратә еизара ахада диԥылеит
Лаша Ашәба Петербург Азакәанԥҵаратә еизара ахада диԥылеит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Апарламент аделегациа алахәуп Петербург имҩаԥысуа жәларбжьаратәи аекономикатә форум, уи хыркәшахоит рашәара 17 рзы. 15.06.2023, Sputnik Аҧсны
2023-06-15T19:45+0300
2023-06-15T19:45+0300
2023-06-15T20:08+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/0f/1046357619_1:0:1279:719_1920x0_80_0_0_00272b695436a1ce7bd157ef650f977b.jpg
АҞӘА, рашәара 15 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба Петербург Азакәанԥҵаратә еизара ахада Александр Бельски диԥылеит. Абри атәы аанацҳауеит Апарламент апресс-маҵзура.Аганқәа еиуеиԥшым агумнитартә зҵаарақәа ирылацәажәеит, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан СССР ажәларқәа ралахәра иазку аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхареи, абаҟақәеи акультуратә мазареи рыхьчареи азҵаарақәа налаҵаны.Аԥснытәи аделегациа, Апарламент аиҳабы инаҩс, иалоуп адепутатцәа Беслан Ҳалуашь, Алиса Гәлариа, Наур Нарманиа, урыстәылатәи аган ала аиҿцәажәарақәа ирылахәын адепутатцәа Павел Крупник, Марина Шишкина, Денис Четырбок, Санкт-Петербург иҟоу Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ихаҭыԥуаҩ Сергеи Чернышиов.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/0f/1046357619_161:0:1120:719_1920x0_80_0_0_b27ccf2812d0d0b25ed3a72ae85106c7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Лаша Ашәба Петербург Азакәанԥҵаратә еизара ахада диԥылеит
19:45 15.06.2023 (ирҿыцуп: 20:08 15.06.2023) Аԥсны Апарламент аделегациа алахәуп Петербург имҩаԥысуа жәларбжьаратәи аекономикатә форум, уи хыркәшахоит рашәара 17 рзы.
АҞӘА, рашәара 15 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба Петербург Азакәанԥҵаратә еизара ахада Александр Бельски диԥылеит. Абри атәы
аанацҳауеит Апарламент апресс-маҵзура.
Аганқәа еиуеиԥшым агумнитартә зҵаарақәа ирылацәажәеит, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан СССР ажәларқәа ралахәра иазку аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхареи, абаҟақәеи акультуратә мазареи рыхьчареи азҵаарақәа налаҵаны.
"Ҳара иҳамоуп еибаҳҳәаша азҵаарақәа рацәаны - атуристтә, акультуратә, аҵараиуратә хырхарҭақәа рҿы, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҿы. Аԥсны еснагь Урыстәыла иадгылон иуадаҩу агеополитикатә ҭагылазаашьаан, аекономикатә санкциақәеи иҷыдоу арратә операциеи раан", – ҳәа инаҵишьит Лаша Ашәба.
Аԥснытәи аделегациа, Апарламент аиҳабы инаҩс, иалоуп адепутатцәа Беслан Ҳалуашь, Алиса Гәлариа, Наур Нарманиа, урыстәылатәи аган ала аиҿцәажәарақәа ирылахәын адепутатцәа Павел Крупник, Марина Шишкина, Денис Четырбок, Санкт-Петербург иҟоу Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ихаҭыԥуаҩ Сергеи Чернышиов.