АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Аԥсны адәыӷбақәа рныҟәара еиҭахацыркуп, дара раамҭаеихша инақәыршәаны Аҟәанӡа иаауеит, абри атәы аанацҳауеит "Аԥсны аихамҩақәа".
Рашәара 14 рзы Гагра иҟаз аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны ааха зауз аихамҩа шьақәыргылоуп, ирыцқьоуп.
Рашәара 14 раахыс адәыӷбақәа аихамҩатә аангыларҭа "Цандрыԥшь" аҟынӡа акәын иахьаауаз, уаантәи апассаџьырцәа рҭыԥқәа рахь автобусқәа рыла иргон. Афымцадәыӷбақәа "Ласточка" аныҟәарақәа аамҭала иаанкылоуп.
Аԥсны аихамҩақәа аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа дрыцқьон урыстәылатәи рколлегацәеи дареи.
Гагра араион аҟны рашәара 14 ашьыжь илеиз ақәаршҩы ӷәӷәа аԥхасҭа анаҭеит ареспубликатә мҩаду хада ахәҭак, иарбгеит хыбрақәак.