ҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа еилаԥырххаит УАМ аӡбрақәа ахьрыдыркыло аҭыԥ, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Рашәара 16 рзы Урыстәыла Арбџьармчқәа икылкаан ихысуа абџьар ала ахарантәи иԥыржәеит УАМ аӡбрақәа ахьрыдыркыло аҭыԥ. Иарбаз ахыбра еилаԥыххан",- аҳәоит адырраҭараҿы.
Икылкаан еилаԥыххаз ахыбра закәыз атәы рымҳәеит атәылахьчара аминистрраҟны.
Аусбарҭа адыррақәа рыла, украинатәи аруаа уахыки-ҽнаки рыла алада-донецки, запорожиеи, донецки рхырхарҭақәа рахь ажәыларазы аҽазышәарақәа ҟарҵон. Украинатәи ар 600-ҩык рҟынӡа аибашьцәа ацәыӡит.