Аԥсны

Аслан Бжьаниа амедицинатә усзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдинаҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа амедицинатә усзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдинаҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа иазгәеиҭеит, амедусзуҩцәа рус хамеигӡарада ишымҩаԥырго, Аԥсны атәылауаа рганахьала аҳаҭыр ду ишаԥсоу.
Амедицинатә ҭҵаарадырреи атехнологиақәеи рыҿиара еснагь аҵареи аԥышәа аизырҳареи рҭахуп, агәабзиарахьчара ахырхарҭа алҵшәа ашьҭыхразы аҳақьымцәеи атәыла анапхгареи ирылшо зегьы ҟарҵоит, иҳәеит Атәыла ахада.
"Ҳҿаԥхьа иқәгылоуп ахәшәтәреи ачымазараҭҵаареи рзы аметод ҿыцқәа аус рыдулара, амедицинатә усбарҭақәа ҳаамҭазтәи амаругақәа рыла реиқәыршәара, ареспубликаҟны амедицинатә усхк аԥхьаҟагьы арҿиара зылшаша аспециалистцәа ҿарацәа разыҟаҵара иазку ауснагӡатәқәа", - иҳәеит Бжьаниа.
Атәыла ахада амедицинатә усбарҭақәа русзуҩцәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, аихьӡарақәа.