Аԥсны

Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа ҩымш ҵуеит аӡиас Еӷьа иалаҳаз ахәыҷы ишьҭоуижьҭеи

Арыцҳара ҟалеит асабша ахәылбыҽха, рашәара 17 рзы. АҶА ахь адырра ҟалеит 20:34 сааҭ рзы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа ҩымш ҵуеит аӡиас Еӷьа иалаҳаз ахәыҷы ишьҭоуижьҭеи.
Аусбарҭа апресс-маҵзура ишаанацҳауала, аӡы дагеит ԥшьышықәса зхыҵуа Александр Вакулич. Иара иҭаацәеи иареи ԥсшьара ҳәа иааит ақалақь Пинск аҟынтәи.
Аԥшаарақәа ирылахәуп Аҟәантәи, Гагрантәи, Гәдоуҭантәи, Очамчырантәи аиқәырхаҩцәа. Аҭыԥаҟны иҟоуп АҶА аиҳабыра.
Ашьхаӡиас Еӷьа Гагра араион аҟны иҟоуп, Бзыԥ аӡиас иалалоит.