АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. Урыстәылатәи абизнес Аԥсны инарҭбааны аусура иалагеит, хықәкыла акурорттә хырхарҭаҟны, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит РИА Новости аинтервиу азҭаз Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа.
Кәыҵниа иазгәеиҭеит, иахьатәи амш азы аус шауа зымҽхак дуу урыстәылатәи аинвестпроект- Пицунда ашықәснаҟьатә аус зуло акурорттә комплекс аргылара иаҿуп.
Кәыҵниа иажәақәа рыла, Аԥсны азы ифеидоуп урыстәылантәи абизнес знапы алаку радԥхьалара, атәылаҟны агәыӷра аадырԥшуеит ахырхарҭақәа иҵегь иҭбаахап - ақыҭанхамҩеи ааглыхреи ирызхьаԥшхап ҳәа.
Ақьафурҭа "Вкусно - и точка" Аԥсны аартра иазыԥшуп, иҳәеит адипломат.
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы 2017-2019 шықәсазтәи Аинвестпрограмма 6 миллиард мааҭ иартәеит. 2019 шықәс анҵәамҭазы ишьақәырӷәӷәаны 2020-2022 шықәсазтәи Аинвестпрограмма- 4,5 миллиард.
2023-20225 шықәсазтәи Аинвестпрограмма 4 миллиарди 50 миллион мааҭи арбоуп.