АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. Аԥсны еиуеиԥшым аҭагылаазашьақәа ирызхиоуп Урыстәыла аҿагыларазы Қырҭтәыла "аҩбатәи афронт" ааныртыр, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит РИА Новости аинтервиу азҭаз Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа.
"Аԥышәа ҳамоуп, уи азы ҳара есымша еиуеиԥшым ахҭысқәа ҳазыхиазар ауп. Уи азоуп лассы-лассы ҳаруааи урыстәылатәи аруааи аҽазыҟаҵарақәа зымҩаԥырго",- иҳәеит иара.
Уи аԥхьа Урыстәыла адәныҟатә ԥшыхәра Амаҵзура аиҳабы Сергеи Нарышкин аҳәамҭа ҟаиҵахьан, Мраҭашәара ақырҭцәа ишрыдыргало "аҩбатәи афронт" аартра, урҭ Қырҭтәыла иабжьыргоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи аргьыжьырц.
Уи адагьы, Алхас Кәыҵниа иазгәеиҭеит, Аԥсни Қырҭтәылеи реицәажәара шалымшо, адипломат иажәақәа рыла, дара амч ахамырхәаразы ашәҟәы анапаҵыҩра иазыхиам.