Аԥсны

Аҟәа ахәҭаки Аҟәа араиони рыҟны аҩаша, рашәара 20 рзы аӡы ҟалаӡом

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны аамҭала аӡыржәтә аанкылахоит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 19 - Sputnik. Аҟәа ахәҭаки Аҟәа араиони ӡыда иаанхоит аҩаша, рашәара 20 рзы. Абри атәы аанацҳауеит "Аӡыршьҭра" апресс-маҵзура.
Аӡы аанкылахоит асааҭ 00:00 инаркны уаҵәы асааҭ 20:00 рҟынӡа.
Аӡы роуӡом Аҳабла ҿыц, Ажәытә ҳабла, Ешбеи, Аԥсилааи, аишьцәа Занҭариааи, Ҷанба рымҩадуқәа, авокзал, аџьармыкьа, ақалақь агәҭеи ашьхара иахьрыҵанакуеи ВИЕМ, Турбаза иара убас ақыҭақәа Ӡыгәҭеи Баслаҭеи.