АҞӘА, рашәара 19 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥсуа ҳақьымцәа "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара ранеишьеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Агәабзиарахьчара ахырхарҭала рылшамҭақәеи рзанааҭ ҩаӡара ҳараки рзы иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьоуп аҳақьым-апедиатр, Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа ахәыҷтәы поликлиника аҳақьым Канџьариа Маиеи Ареспубликатә хәшәтәырҭа апульмонолог Шьазина Хәырхәмалԥҳаи.
Иара убас, агәабзиарахьчара ахырхарҭала лылшамҭақәеи ԥсыцқьала шықәсырацәалатәи лусуреи рзы Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа аклиникатә лабораториа аҳақьым-лаборант Еныкь Алла илыхҵоуп "Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аҳақьым" ҳәа ахьӡ ҳаракы.