Аԥсны

"Нарҭаа" реиҭеира: Аԥсны ҩаԥхьа ихацаркуп абыргцәа ретнографиатә ансамбль

Sputnik
Аԥсны акультура аминистрра аԥшьгарала Аԥсны Жәлар рартистка Роза Чамагәуаԥҳа лнапхгарала абыргцәа ретнографиатә ансамбль "Нарҭаа" аиҿкаара еиҭахацыркуп.
1948 шықәсазы Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы Иван Кортуа иаԥшьгарала иаԥҵан аԥсуа быргцәа злахәыз ашәаҳәареи акәашареи ретнографиатә ансамбль. 1971 шықәсазы ари ахор "Нарҭаа" ҳәа ахьыӡҵан, иалаз артистцәа рықәрагьы 70 шықәса инаркны 130 шықәса рҟынӡа инаӡон.
1969 шықәсазы Иван Кортуа иԥсҭазаара даналҵ, ансамбль анапхгара идҵан Кәасҭа Ченгелиа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ансамбль аусура еиԥҟьеит, уи иалахәыз рыԥсҭазаарақәа ирылҵхьеит. 2022 шықәсазы Аԥсны акультура аминистрра Роза Чамагәуаԥҳа лнапы ианырҵеит ансамбль аиҭарҿыцразы. Чамагәуаԥҳа илылшеит Аԥсны ахы-аҵыхәа 23-ҩык артистцәа рыԥшаара. Уажәшьҭа шықәсык инацны мызкы ахь знык аҳәынҭфилармониаҟны "Нарҭаа" аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит.