Урыстәыла

Украина атәылауаҩ аԥшыхәра мҩаԥигон ҳәа Ҟабарда-Балкариа даанкылоуп

Урыстәыла АШәМ ишьақәнаргылеит 44 шықәса зхыҵуа ахаҵа Украина Ашәарҭадаратә маҵзура адҵа наигӡон ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Украина атәылауаҩ аԥшыхәра мҩаԥигон ҳәа гәҩарас дҟаҵаны Нальчик даанкылоуп ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ апресс-маҵзура.
Иаанкылоу ауаҩы украинатәи иҷыдоу амаҵзурақәа аурыс арбџьармчқәа ирызкыз адыррақәа риҭон, урҭ аоперациа ҷыда амҩаԥгараан Урыстәыла ашәарҭадара аилагаразы ахархәара рыҭазар ауан ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.
Ашьаус хацыркуп Урыстәыла Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 276 ("Аԥшыхәра") ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоура аҟазшьақәа зегь рыла. Ашьаусԥшаара иаҵанакуа аусмҩаԥгатәқәа ирыцҵоуп.