Аԥсны

Аҟәа имҩаԥысит акциа "Агәаларшәаратә цәашьы"

Аиҿкааҩцәа - Россотрудничество Ахаҭарнакра, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа, Аҟәа ақалақь ахадара.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 21 – Sputnik. Жәларбжьаратәи акциа "Агәаларшәаратә цәашьы" мҩаԥысит Аҟәа Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа.

Акциа азкын Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аналагаз аламҭалаз, адунеи зегь аҟны иазгәарҭо Агәалашәареи алахьеиқәреи амш.

Абаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа анышьҭарҵа ашьҭахь, алахәылацәа ацәашьқәа аркны ишьақәдыргылеит ажәа "Помним".
Рашәара 22 1941 шықәсазы афашист Германиа имҳәа-мырза Асовет Еидгыла дақәлеит - иалагеит Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду. Аибашьра афронтқәа зегь рыҟны хацәнамырха еибашьуан 55,5 нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи. Урҭ рахьтә хыџьара ишаны хәҭак рыҩныҟақәа изыхнымҳәӡеит.