Аԥсны

Аԥсны АҶА: ԥшьаха-ԥшьымшуп аӡиас иалаҳаз ахәыҷы ишьҭоуижьҭеи

Амашәыр ҟалеит асабша, рашәара 17 ахәылбаҽха. Арыцҳара шыҟалаз азы АҶА аҷаԥшьаҩцәа адырра рыҭан асааҭ 20:34 рзы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 21 – Sputnik. Ԥшьаха-ԥшьымшуп ԥшьышықәса зхыҵуаз Белоруссиантәи аҷкәын хәыҷы Еӷьатәи аӡы иалаҳаз иԥшаара иаҿуижьҭеи.
Макьана аԥшаарақәа лыҵшәадлуп. Аиқәырхаҩцәа Еӷьа аӡыршьҭра зегьы аҟны еимдааит, иара убас аҳауа аҟынтәигьы.
Ари иҟалаз ахҭыс азы Гәдоуҭа араион апрокуратура агәаҭарақәа мҩаԥнагоит.
Ашьхаӡиас Еӷьа Гагра араион аҟны иҟоуп, Бзыԥ аӡиас иалалоит.