Аԥсны

Фымз рыҩнуҵҟа Риҵатәи апарк иаҭааит 119 нызқьҩык атуристцәа

Sputnik
АҞӘА, рашәара 21 – Sputnik. 119 нызқьҩык инареиҳаны Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк иаҭааит 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны рашәара 20 рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит Атуризм аминистрра.
Аусбарҭаҿы ишырҳәаз ала, афинанс лагалақәа идыртәеит 79 млн 317 нызқьи 800 мааҭ.
2022 шықәса абри аамҭазы апарк иаҭааит 148 666-ҩык, афинанс лагалақәа идыртәеит 81 млн 889 нызқьи 200 мааҭ.
Аԥсны
Афон ҿыцтәи аҳаԥы фымз рыла 72 000-ҩык аҭаахьеит