Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

100 ҭыԥк змоу ахәыҷбаҳча аадыртуеит Гагра ашықәс нҵәаанӡа

Зынӡа иахьазы Гагра араион аҿы аус руеит ахәыҷбаҳчақәа фба.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 22 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра ақалақь Абазгаа рымҩаҿы еиҭашьақәыргылоу ахәыҷбаҳча ашықәс нҵәаанӡа ахәыҷқәа аднакылараны иҟоуп ҳәа лҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа.
Ахәыҷбаҳча асовет аамҭақәа раангьы аус ауан. Уажәы уа шьаҭанкыла аремонт мҩаԥысуеит. Гәынԥҳа лажәақәа рыла, ари ахыбра иавадыргылоит аизарҭатә зали ахәыҟаҵарҭеи.
"Иҳагәҭакуп агәыԥқәа ԥшьба, 80-100-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа рыла реиҿкаара. Ашколқәраҟынӡатәи аусбарҭақәа рҟны аҭыԥқәа рыҟамзаара азгәаҭо иуҳәар ауеит ари ҳақалақь азы ихҭыс бзиоуп ҳәа. Ҳазҭоу ашықәс анҵәамҭазы ахәыҷбаҳча ашәқәа аанартыр алшоит", - лҳәеит лара.
Гәынԥҳа иазгәалҭеит аусурақәа зегьы араионтә биуџьет аҟынтә рыхә шыршәо, ишырзоужьу 52 миллион мааҭ.
Зынӡа Гагра араион аҿы аус руеит ахәыҷбаҳчақәа фба. Ари ахәыҷбаҳча ааигәа игылоу ахәыҷбаҳча "Мрамза" афилиал аҳасаб ала аус аулоит аоптимизациа инадҳәаланы.
Строительство детского сада в Гагре