Аԥсны

Гәдоуҭатәи авокзал ахыб аԥсахра иалагеит

Гәдоуҭатәи авокзал ахыб ԥсаххоит нанҳәамза 2023 шықәса анҵәамҭазы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭатәи авокзал ахыб аԥсахра иалагеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аԥсны аихамҩақәа" адиректор хада ицхырааҩ Октаи Хазириши.
"Ажәытә хыб ахыхра ҳалагеит.Урҭ зынӡа иқәгахоит, ахыб ҿыц ықәҵахоит", - иҳәеит иара.
Хазириши иажәақәа рыла, аусурақәа нарыгӡоит урыстәылантәи иааԥхьоу аҟазауаа.
Аусурақәа хыркәшахоит цәыббра 30 нӡа. Хазириши игәаанагарала, аусурақәа нанҳәа анҵәамҭазы ихыркәшахар алшоит.
Гәдоуҭатәи аихамҩатә аангыларҭа ахыбра ахархәарахь ирыҭан Аџьынџьтәылатә еибашьра ду анцоз, 1944 шықәсазы.
Ахыбра ргылоуп "сталинтәи ампир" астиль ала, авокзал ҩычоуп агәашьақәеи, ахыргьагьақәеи, авитражқәеи рыла. 30 шықәса раахыс Гәдоуҭатәи авокзал гәыгәҭыжьхеит. Ахыб ақәа кылсуеит, аҭыӡқәа ԥхасҭахоит. Иахьатәи аамҭазы авокзал ахәҭак ауп аус зуа.
Агәашьақәеи ахыргьагьақәеи рыла иҩычоу: Гәдоуҭатәи авокзал аҭагылазаашьа