Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Тҟәарчал уахьналало иху ацҳа мызкы иалагӡаны еиҭашьақәыргылахоит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik. Тҟәарчал уахьналало иху ацҳа мызкы иалагӡаны еиҭашьақәыргылахоит, абри атәы еиҭеиҳәеит ООО "Стройдом" аиҳабы Раули Шамугиа.
Аӡиас Аалӡга иху ацҳа ахышәаҵышәа -1160 метр² иҟоуп. Рашәара 22 рзы ацҳа 745 метр² ахаҳәҟьаԥс ықәҵоуп.
Шамугиа иажәақәа рыла, аусурақәа хырқәшазар акәын 2023 шықәса жәабранмзазы, аха амшцәгьақәа ирыхҟьаны иарбаз аамҭеихша иахыԥеит.
Аусурақәа ирықәхарџьхоит 2,378 миллион мааҭ, уажәазы 1,6 миллион ахҭнырҵахьеит. Арҽеиратә усурақәа аԥаразоужьуп аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи.
Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа иажәақәа рыла, ацҳа- Ацҳа шкәакәа ҳәа ахьӡ ахырҵоит.