АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Адәыӷбақәа зегьы раамҭеихша инақәыршәаны иааит Аԥсныҟа, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥснытәи аихамҩа анапхгаҩы Арсоу Ҷыҭанаа.
"Иҟоу аҭагылазаашьа макьана анырра ҳанамҭацт. Адәыӷбақәа раамҭеихша инақәыршәаны иныҟәоит. Санкт-Петербург-Аҟәа, Москва-Аҟәа, афымцадәыӷба "Ласточка" раамҭеихшала иааит. Аԥкрақәа ҳәа акгьы алагалам", - иҳәеит иара.
Иацы ахәылбыҽха Урыстәла АШәМ-и Атәылахьчара аминистрреи ЧВК "Вагнер" аԥҵаҩы Евгени Пригожин ихьӡала ирылаҵәаз аинформациа - "Вагнер" ртәарҭақәа бџьарла иажәлеит - ҵабыргым ҳәа ахырҳәааит. Урыстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура Пригожин иганахьала УАЗ 279 ахәҭаҷ ала ашьаус хацнаркит.
Урыстәыла ахада Владимир Путин урыстәылауаа рахь иааԥхьараҿы иазгәеиҭеит, атеррористә методқәа ахархәара рыҭаны бџьаршьҭыхла аиҿагылара аԥшьгара згәы иҭаз- ҳзакәани ҳажәлари рҿаԥхьа иахьырхәхоит ҳәа.
Москва, Москватәи аобласти рҟны атеррористҿагыларатә режим алагалоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Сергеи Собианин. Аныҳәатә уснагӡатәқәа зегьы аԥыхәуп.