АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путин ЧВК "Вагнер" анапхгаҩцәа рҿагылара аԥырҟәҟәааразы идикыло аӡбамҭақәа адгылара шаиҭо. Ахада иҳәамҭа кьыԥхьуп иофициалтә саит аҟны.
"Аҭагылазаашьа зеиԥшразаалакгьы Аԥсны аҳәынҭқарра Урыстәыла аҿаԥхьа аиҩызаратә хыдҵақәа наныгӡоит. Аԥсны атәылауаа, арратә аоперациа ҷыда ахьымҩаԥысуа иҟоу уахь иналаҵаны аҳәара рысҭоит закәаншьаҭада имҩаԥысуа аичырчарақәа рхы аладмырхәырц", - азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.
Аԥсны аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп. Амчратә усбарҭақәа рхадацәа ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба имҩаԥигаз аилатәараҟны ирҳәеит, атәыла аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа шҭышәынтәалоу, уи ахьчара хадароуп иҳәеит иара. Аԥсны АҶА ахада Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла, "Вагнер" ҳтәылауаа рҟынтәи аӡәгьы далаӡам.
Аԥсны амчратә усбарҭақәа русура еиҳа идырӷәӷәеит.