ГАЛ, рашәара 24- Sputnik, Асмат Ҵәыџьԥҳа. Галтәи ашьапылампыласыҩцәа алшара рымазаауеит адә маҷ аҟны аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара, абри атәы иҳәеит Гал араион аҿари аспорти рыҟәша аиҳабы Бачуки Ехваиа.
Гал араион абиуџьет аҟынтәи аусурақәа ирзоужьын 5,5 миллион мааҭ. Ехваиа иажәақәа рыла, аргылара ахьцо анышә ықәган, анаҩс ахаҳәырҷҷа ықәԥсан. Уи ашьҭахь адәы иԥсабаратәым ахҟьа ықәырҵоит.
Галтәи астадион аҵакыраҟны иҟоу адәаҟны рҽазыҟарҵалоит ахәыҷтәы командақәа реиԥш, араионтә команда "Самурзаҟангьы" иҳәеит иара.