Аԥсны

Урыстәыла атәылауаҩ ашәҟәы иҭагаламыз аелектронтә сигаретқәа 400 цыра имырхит

Аоперативтә дыррақәа анагӡараан аҳәынҭавтоиспекциа ргәаҭаратә ҭыԥ "Бамбора" аҟны урыстәылауаҩ имашьына аанкылан.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 24- Sputnik. Аҳазалхраз Аҳәынҭқарратә еилакы аконтрабандеи азакәанеилагареи рҿагылараз аҳазатә еилакы аусзуҩцәа Урыстәыла атәылауаҩ ашәҟәы иҭагаламыз аелектронтә сигаретқәа 400 цыра имырхит. Абри атәы аанацҳауеит Аилак апресс-маҵзура.
Аконтрабандатә тауар рыԥшааит амашьына аидараҭыԥ аҟны.
Административтә зинеилагаразы аматериалқәа зегьы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп.
Аԥсны
Аԥснытәи аҳазалхыҩцәа 200 ҭоԥ раҟара аҭаҭын контрабанда ылыргеит