Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьопуа аԥхынтәи аамҭаз ацхыраара лас аусура иазкны

Аҳҭнықалақь ацхыраара лас аҳақьым хада Аслан Џьопуа арадио Sputnik аефир аҿы дырзааҭгылеит аԥхынтәи аамҭазы русура шеиҿкаау, ааԥхьарақәа иаҳа изрыцло, акадрқәа рыла иахьынӡеиқәшәоу.
Sputnik
Аԥхын ҳусура иаҳа иацлоит, аԥсшьаҩцәа раара ҳныԥшуеит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Џьопуа.
"Аҳҭнықалақь аҿы ауааԥсыра рхыԥхьаӡара иахьацло, ҳаргьы иаҳныԥшуеит. Аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа рахь ааԥхьарақәа ҳауа иалагахьеит. Уахыки-ҽнаки 60-70 ааԥхьара анҳауа ыҟоуп. Знык х-бригадак аус руеит. Аԥшьбатәи анаҭаххо иҭаҳгоит", – ҳәа иҳәеит Џьопуа.
Аҳҭнықалақь ацхыраара лас аҳақьым хада иажәақәа рыла амашьына ҿыцқәа аҭахуп, убри аан акадрқәа рыла еиқәшәоуп. Аслан Џьопуа иҳәеит, иахьазы ацхыраара лас аҿы аҿар шырацәоу.
"Аҟәатәи Гагратәи амедицинатә коллеџьқәа ирылгаз ааиуеит. Ҳхьысҳауп аҳақьымцәа рыла. Арахь ааира рҭахӡам, аусура иацу ауадаҩрақәа рзы", - ҳәа иҳәеит Џьопуа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.