https://sputnik-abkhazia.info/20230625/azlatsazhasha-amoup-opua-akhynti-aamaz-atskhyraara-las-ausura-iazkny--1046451395.html
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьопуа аԥхынтәи аамҭаз ацхыраара лас аусура иазкны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьопуа аԥхынтәи аамҭаз ацхыраара лас аусура иазкны
Sputnik Аҧсны
Аҳҭнықалақь ацхыраара лас аҳақьым хада Аслан Џьопуа арадио Sputnik аефир аҿы дырзааҭгылеит аԥхынтәи аамҭазы русура шеиҿкаау, ааԥхьарақәа иаҳа изрыцло, акадрқәа... 25.06.2023, Sputnik Аҧсны
2023-06-25T20:20+0300
2023-06-25T20:20+0300
2023-06-25T20:28+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
ҳазлацәажәаша ҳамоуп
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/15/1046451229_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_802caa6ed3fd74c68ba68cde5fd424ab.jpg
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьопуа ацхыраара лас аԥхын аамҭазы русура иазкны
Sputnik Аҧсны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьопуа ацхыраара лас аԥхын аамҭазы русура иазкны
Аԥхын ҳусура иаҳа иацлоит, аԥсшьаҩцәа раара ҳныԥшуеит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Џьопуа."Аҳҭнықалақь аҿы ауааԥсыра рхыԥхьаӡара иахьацло, ҳаргьы иаҳныԥшуеит. Аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа рахь ааԥхьарақәа ҳауа иалагахьеит. Уахыки-ҽнаки 60-70 ааԥхьара анҳауа ыҟоуп. Знык х-бригадак аус руеит. Аԥшьбатәи анаҭаххо иҭаҳгоит", – ҳәа иҳәеит Џьопуа.Аҳҭнықалақь ацхыраара лас аҳақьым хада иажәақәа рыла амашьына ҿыцқәа аҭахуп, убри аан акадрқәа рыла еиқәшәоуп. Аслан Џьопуа иҳәеит, иахьазы ацхыраара лас аҿы аҿар шырацәоу."Аҟәатәи Гагратәи амедицинатә коллеџьқәа ирылгаз ааиуеит. Ҳхьысҳауп аҳақьымцәа рыла. Арахь ааира рҭахӡам, аусура иацу ауадаҩрақәа рзы", - ҳәа иҳәеит Џьопуа.Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/15/1046451229_0:0:1138:853_1920x0_80_0_0_78364d2b42e5dbf0e44b44ff42a052b4.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьопуа аԥхынтәи аамҭаз ацхыраара лас аусура иазкны
20:20 25.06.2023 (ирҿыцуп: 20:28 25.06.2023) Аҳҭнықалақь ацхыраара лас аҳақьым хада Аслан Џьопуа арадио Sputnik аефир аҿы дырзааҭгылеит аԥхынтәи аамҭазы русура шеиҿкаау, ааԥхьарақәа иаҳа изрыцло, акадрқәа рыла иахьынӡеиқәшәоу.
Аԥхын ҳусура иаҳа иацлоит, аԥсшьаҩцәа раара ҳныԥшуеит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Џьопуа.
"Аҳҭнықалақь аҿы ауааԥсыра рхыԥхьаӡара иахьацло, ҳаргьы иаҳныԥшуеит. Аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа рахь ааԥхьарақәа ҳауа иалагахьеит. Уахыки-ҽнаки 60-70 ааԥхьара анҳауа ыҟоуп. Знык х-бригадак аус руеит. Аԥшьбатәи анаҭаххо иҭаҳгоит", – ҳәа иҳәеит Џьопуа.
Аҳҭнықалақь ацхыраара лас аҳақьым хада иажәақәа рыла амашьына ҿыцқәа аҭахуп, убри аан акадрқәа рыла еиқәшәоуп. Аслан Џьопуа иҳәеит, иахьазы ацхыраара лас аҿы аҿар шырацәоу.
"Аҟәатәи Гагратәи амедицинатә коллеџьқәа ирылгаз ааиуеит. Ҳхьысҳауп аҳақьымцәа рыла. Арахь ааира рҭахӡам, аусура иацу ауадаҩрақәа рзы", - ҳәа иҳәеит Џьопуа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.