Аԥсны

Шәача аасҭа еиӷьуп: урыстәылатәи архитектор Аҟәа ахәшьара аиҭеит

Москватәи архитектуратә институт арҵаҩы Глеб Соболев Аԥсны даҭааит, дырԥылеит Ареспубликатә хәыҷтәы аҟазаратә ҩны "Аинар" аҵаҩцәа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik. Аҟәа акыр иҭынчу акультуратә қалақьуп Шәача аасҭа ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны Москватәи архитектуратә институт арҵаҩы Глеб Соболев.

"Сара сгәаанагарала Шәача имҩаԥысуа аргыларақәа рацәак иԥшӡам, ақалақьргылара рыӡбамҭа рацәак ииашам", - ҳәа иҳәеит Соболев.

Иара иҳәеит игәы ишаахәаз, 1970-1980-тәи ашықәсқәа рзы иргылаз ахыбрақәа ахьеиқәырхоу. Пицунда данаҭаа архитектор ддыршанхеит аԥсамзақәа. Соболев иара убасгьы азҿлымҳара аиҭеит ҳтәыла амҩадуқәа рыҟны ацқьара.
Урыстәылатәи аҟаза маҷк игәы еихьнашьит Аҟәа агәашьаркыраҟны имҩаԥысуа арҽеиратә усурақәа.
"Агәашьаркыра сгәы еихьнашьит, иара ажәытә излашәыз зегь амархын абҩакы ааԥшит. Уажәы иара ршьыхуеит уиалагь "идырҿыцуеит". Ирыцҳароуп аҭоурых аамҭа иаҵанакуа абҩакы "амулиаж" ахьалҵуа", - ҳәа иҳәеит Соболев.
Аԥсны
Аҟәа амшын аԥшаҳәа ахәҭак аҟны арҽеиратә усурақәа мҩаԥыргоит Ақалақь амш аламҭалаз
Глеб Соболев Аԥсны дыҟан жәшықәса анихыҵуаз. Аарла игәалашәуеит усҟантәи аамҭа, ихамшҭуа ихаҿы иаанхеит аҭыԥантәи алаҳа. Архитектор иажәақәа рыла, уажәтәи иаҭаарагь аԥхарра изыннажьит.
Урыстәылатәи архитектор Ареспубликатә хәыҷтәы аҟазаратә ҩны "Аинар" аҵаҩцәа алекциа дырзаԥхьеит. Аиԥылараан инаҵшьны иазгәеиҭеит, абызшәа аиқәырхара шыхадоу еиԥшцәҟьа ишеиқәырхатәу аҭыԥантәи архитектурагьы.