Аԥсны

Лыхны ақыҭан ахатәы ҩны блит

Лыхны ақыҭан ахатәы ҩны амца шакыз азы АҶА араионтә ҟәшахьы адырра ҟалеит ашәахьа, рашәара 26 асааҭ 1:28 рзы.
Sputnik
ГӘДОУҬА, рашәара 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Лыхны ақыҭан ахатәы ҩны блит ҳәа иҳәеит Лыхны ақыҭа ахада Џьансыхә Ҷкотуа есымчыбжьатәи араион ахадара реилатәараҿы.
Аиқәырхаҩцәа аҭыԥаҿ ианнеи аҩны амцабз ахыҵәахьан. Аҩны рзеиқәмырхаӡеит, аиҭашьақәыргыларагь залыршахаӡом аҟнытә ахыбра ақәгара иалагеит.

"Аҩны анхараз акагьы иаԥсаӡам, аҭаацәа авараҿ игылоу аҩны иҩноуп, аха уи ҟаҵаӡам", - иҳәеит Ҷкотуа.

Аилатәараҿ ишазгәаҭаз ала, амцакра шыҟалаз гәеиҭеит фышықәса зхыҵуа ахәыҷы. Аԥшәма амцарцәараан иоуз абылразы ахәшәтәырҭахь днагоуп.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, амцакра ахҟьеит афымцацәаҳәақәа .
Араион ахада изықәнагоу аусбарҭақәа рнапы ианиҵеит ашәҟәқәа дырмазеирц, ари ахҭыс ахаҵгылара аиурцаз.