АҞӘА, рашәара 26 – Sputnik. Евгени Пригожин еиҿикааз арратә қәгылараз иганахь ала ашьауӷатә ус аанкылаӡам ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Апрокуратура хада аҟынтәи ахыҵхырҭа шьаҭас иҟаҵаны.
"Пригожин иганахь ала ашьауӷатә ус аанкылаӡам ҳәа", - иҳәеит амаҵзура зыҿцәажәоз.
"Рашәара 24 ауха, Ахатәы арратә еилахәыра (ЧВК) "Вагнер" ирымпыҵархалеит Ростов-на-Дону ақалақь аҟны иҟоу Аладатәи аррратә штаб. Ари ҟалеит, урыстәылатәи аруаа "Вагнер" ар ахьгылоу аҭыԥқәа рыҟны атылтә аракета-бомбатә ааха рырҭеит ҳәа Пригожин иҟаиҵаз аҳәамҭа ашьҭахь. Ари аҳәамҭа ҿаԥырҽит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иара убас АШәМа.
Владимир Путин "вагнераа" рхымҩаԥгашьа чарҳәроуп ҳәа ахиҳәааит, Пригожин еиҿикааз арратә қәгылараз, иганахь ала ашьауӷатә ус хацыркуп.
Адырҩаҽны Белоруссиа ахада ипресс-маҵзура иаанацҳаит, Александр Лукашенко Евгени Пригожини иареи аицәажәара шымҩаԥигаз, уи иалҵшәаны Ахатәы арратә еилахәыра (ЧВК) анапхгаҩы дшақәшаҳаҭхаз "Вагнер" аибашьцәа ԥхьаҟа рцара шаанкылахо азы.