https://sputnik-abkhazia.info/20230626/prigozhin-iganakh-ala-ashauat-us-aankylaam---1046558409.html
Пригожин иганахь ала ашьауӷатә ус аанкылаӡам
Пригожин иганахь ала ашьауӷатә ус аанкылаӡам
Sputnik Аҧсны
Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков асабша ахәылбаҽха иҳәеит, Ахатәы арратә еилахәыра (ЧВК) аԥҵаҩы иганахь ала ашьауӷатә ус шаанкылахо, иара... 26.06.2023, Sputnik Аҧсны
2023-06-26T12:30+0300
2023-06-26T12:30+0300
2023-06-26T12:59+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/1a/1046546722_0:0:3072:1728_1920x0_80_0_0_77608f8749ec3608843c617ead78e5fc.jpg
АҞӘА, рашәара 26 – Sputnik. Евгени Пригожин еиҿикааз арратә қәгылараз иганахь ала ашьауӷатә ус аанкылаӡам ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Апрокуратура хада аҟынтәи ахыҵхырҭа шьаҭас иҟаҵаны."Рашәара 24 ауха, Ахатәы арратә еилахәыра (ЧВК) "Вагнер" ирымпыҵархалеит Ростов-на-Дону ақалақь аҟны иҟоу Аладатәи аррратә штаб. Ари ҟалеит, урыстәылатәи аруаа "Вагнер" ар ахьгылоу аҭыԥқәа рыҟны атылтә аракета-бомбатә ааха рырҭеит ҳәа Пригожин иҟаиҵаз аҳәамҭа ашьҭахь. Ари аҳәамҭа ҿаԥырҽит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иара убас АШәМа.Владимир Путин "вагнераа" рхымҩаԥгашьа чарҳәроуп ҳәа ахиҳәааит, Пригожин еиҿикааз арратә қәгылараз, иганахь ала ашьауӷатә ус хацыркуп.Адырҩаҽны Белоруссиа ахада ипресс-маҵзура иаанацҳаит, Александр Лукашенко Евгени Пригожини иареи аицәажәара шымҩаԥигаз, уи иалҵшәаны Ахатәы арратә еилахәыра (ЧВК) анапхгаҩы дшақәшаҳаҭхаз "Вагнер" аибашьцәа ԥхьаҟа рцара шаанкылахо азы.
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/1a/1046546722_185:0:2916:2048_1920x0_80_0_0_a4f352014e8ddb4a651c0e23e396dd41.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Пригожин иганахь ала ашьауӷатә ус аанкылаӡам
12:30 26.06.2023 (ирҿыцуп: 12:59 26.06.2023) Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков асабша ахәылбаҽха иҳәеит, Ахатәы арратә еилахәыра (ЧВК) аԥҵаҩы иганахь ала ашьауӷатә ус шаанкылахо, иара Белоруссиаҟа дышцо атәы.
АҞӘА, рашәара 26 – Sputnik. Евгени Пригожин еиҿикааз арратә қәгылараз иганахь ала ашьауӷатә ус аанкылаӡам ҳәа аанацҳауеит
РИА Новости Апрокуратура хада аҟынтәи ахыҵхырҭа шьаҭас иҟаҵаны.
"Пригожин иганахь ала ашьауӷатә ус аанкылаӡам ҳәа", - иҳәеит амаҵзура зыҿцәажәоз.
"Рашәара 24 ауха, Ахатәы арратә еилахәыра (ЧВК) "Вагнер" ирымпыҵархалеит Ростов-на-Дону ақалақь аҟны иҟоу Аладатәи аррратә штаб. Ари ҟалеит, урыстәылатәи аруаа "Вагнер" ар ахьгылоу аҭыԥқәа рыҟны атылтә аракета-бомбатә ааха рырҭеит ҳәа Пригожин иҟаиҵаз аҳәамҭа ашьҭахь. Ари аҳәамҭа ҿаԥырҽит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иара убас АШәМа.
Владимир Путин "вагнераа" рхымҩаԥгашьа чарҳәроуп ҳәа ахиҳәааит, Пригожин еиҿикааз арратә қәгылараз, иганахь ала ашьауӷатә ус хацыркуп.
Адырҩаҽны Белоруссиа ахада ипресс-маҵзура иаанацҳаит, Александр Лукашенко Евгени Пригожини иареи аицәажәара шымҩаԥигаз, уи иалҵшәаны Ахатәы арратә еилахәыра (ЧВК) анапхгаҩы дшақәшаҳаҭхаз "Вагнер" аибашьцәа ԥхьаҟа рцара шаанкылахо азы.