Аԥсны

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра асаит аҿы ашәахтәшәаҩ хаҭалатәи икабинеҭ цәырҵит

2021 шықәса раахыс Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра асаит аҿы аус ауеит анаплакҩы хаҭалатәи икабинеҭ.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра асаит аҿы амаҵзура ҿыц – ашәахтәшәаҩ хаҭалатәи икабинеҭ цәырҵит ҳәа иҳәеит аминистрра аинформациатә технологиақәа русбарҭа аспециалист хада Ҭенгиз Анқәаб, Sputnik аинтервиу аҭо.
2021 шықәса раахыс Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра асаит аҿы қәҿиарала аус ауеит анаплакҩы хаҭалатәи икабинеҭ. Уажәы иаԥҵоу амаҵзура аиурист хаҿқәа ирхархәагоуп.

"Хаҭалатәи анаплакҩцәа ирзаԥҵаз уаанӡатәи акабинеҭи аиурист хаҿқәа рзы иаԥҵоу акабинеҭи аус еицырулоит. Ԥхьаҟа урҭ платформакны иҟалоит", - ҳәа иҳәеит Анқәаб.

Хаҭалатәи акабинеҭ раԥхьа иргыланы ахатәԥхьаӡараз аинформациа унарбоит.
"Ари иалнаршоит ашәахтәшәаҩ иуалқәа, ишәарақәа, иусқәа рҭагылазаашьа абара", - ҳәа иҳәеит аҟазауаҩ хада.
Анқәаб иажәақәа рыла, ашәахтәшәаҩ аусбарҭахь дымнеиӡакәа ииҭаху аилкаара илшоит, агәаҭарақәа рылҵшәақәа ибарҭахоит. Уажәазы ашәахтәшәаҩ хаҭалатәи икабинеҭ аҟны иназыцҵоу ахәԥсазы ауп аҳасабырба ахьыҟаиҵо, егьырҭ алшарақәа аамҭа-аамҭала ирыцҵахалоит.
"Аиуристтә хаҿқәа иахьа ашәахтәшәаҩ хаҭалатәи икабинеҭ ахархәарала иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә ала адекларациақәа рыҭаразы алшара рымоуп. Ԥхьаҟа мызкы-ҩымз рахь знык ашәахтәшәаҩ хаҭалатәи икабинеҭ аҿы егьырҭ адекларациақәагьы цәырҵлоит ашәахтәшәаҩи ашәахтә усбарҭа аусзуҩцәеи реинырра еиҵахарц", - ҳәа иҳәеит Ҭенгиз Анқәаб.
Ашәахтәшәаҩ "хаҭалатәи икабинеҭ" аҟынӡа алогини апароли рхархәарала анаӡаразы ашәахтәшәаҩ ишәҟәҭагалара аҭыԥ ала иҟоу ашәахтә усбарҭа дадҵаалароуп.