Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Ԥхынгәымзазы Гал ақалақь апарк хада еиҭарҿыцхоит

Гал ақалақь апарк хада аиҭарҿыцра иахҭынҵахоит хә-миллион мааҭк, аԥарақәа аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи иазоурыжьуеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 27 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Гал ақалақь апарк хадаҿы аусурақәа хыркәшахоит ԥхынгәы аҽеиҩшамҭазы ҳәа иҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Нарсоу Џьопуа.

Иара иажәақәа рыла, аусурақәа ирылагеит ауааԥсыра араион ахада Константин Ԥлиа иахь иҟарҵаз аҳәарала.

Апарк аҿы иԥсахуп адренажтә трубақәа, ахаҳә-цәхыԥқәа, алашарбагақәа, ишьҭаҵоуп ахаҳә ҟьаԥс, иргылоуп атәарҭақәа, агәамсамеизакырҭақәа.
Константин Ԥлиа иажәақәа рыла, апарк аҿы аус аулоит ваи-фаи, иқәыргылахоит здизаин макьаназ аус адыруло арт-ргылара.