Аԥсны

Аԥсны зықьҩык раҟара Кәырбан-ныҳәа азгәаҭара иалахәын

Аԥсны иазгәарҭоит аԥсылман ныҳәа - Кәырбан-ныҳәа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны зықьҩык раҟара Кәырбан-ныҳәа азгәаҭара иалахәын ҳәа еиҭеиҳәеит Аԥсны Аԥсылманцәа иаку рдоуҳатә усбарҭа аиҳабы Ҭемыр Ӡыба.
"Иахьа Аԥсны аԥсылманцәа, адунеи иқәынхо аԥсылманцәа зегь реиԥш, ари аныҳәа азгәарҭеит. Аҟәеи Гәдоуҭеи аџьаамақәа рҿы Аллаҳ имҵаныҳәара мҩаԥган. Ауаа ахьырацәаз иахҟьаны аџьаамақәа рыҩнуҵҟа адагьы, атротуарқәеи амҩақәеи рҿы ауаа гылар акәхеит, ашәарҭадара аԥҟарақәа ирықәныҟәаны. Аџьаамақәа рхыбрақәа хәыҷуп азы, изҭаху зегьы акӡом", - иҳәеит иара.
Ауадаҩрақәа шыҟазгьы, ауаа рацәаҩны еизеит, амшгьы бзиан.
Аматанеира анхыркәшаха, аныҳәеишәақәа рхианы адинхаҵаҩцәеи асасцәеи акрырҿарҵеит.
"Аԥсны аԥсылманцәеи ажәлар зегьи иахьатәи аныҳәа ду рыдысныҳәалар сҭахуп. Ҳазшаз ҳиҳәоит ауаа илԥха-игәыԥха рымазарц, иахьа аамҭа цәгьак ҳҭагылоуп, ҳакәша-мыкәша ацәгьарақәа маҷым. Аллаҳ ҳиҳәоит Аԥсни уи анҭыҵи зегьы лыԥхала еилиргарц", - иҳәеит Ӡыба.
Аԥсны
Бжьаниа Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа Кәырбан-ныҳәа рыдиныҳәалеит
бан-баирам (ҭырқәшәала) ма Ид аль-Адха (араб бызшәала) - аԥсаҭатә ианыҳәоуп, аԥсылман ныҳәа хадақәа ҩба ируакуп, иара иаанаго Меккаҟа ахаџьра ахыркәшара ауп. Аныҳәа азгәарҭоит Ураза-баирам ашьҭахь 70 мшы ааҵуаны, аԥсылманцәа рымзар ала жәаҩатәи амза зуль-хиджжа 10-тәи амш аҽны. Аныҳәа хԥа-ԥшьба мшы ицоит.
Ари аҽны, аҟәырҟан излаҳәо ала, ԥхыӡла аԥааимбар, апророк Ибраҳим иҿы днеины, ԥсаҭатәыс Аллаҳ иҿаԥхьа иԥа дҟаиҵарц иеиҳәеит. Ибраҳим дазыразны, Мекка адәҳәыԥш аҟны дцаны, аҽазыҟаҵаратә усмҩаԥгатәқәа дрылагеит. Аллаҳ, абас ала дԥишәеит Ибраҳим, агәрагьы игеит иҿаҳәатәы шынаигӡоз ала. Аҵыхәтәантәи аминуҭқәа рзы, Аллаҳ Ибраҳим иԥа деиқәирхоит. Иԥа ихаҭыԥан ауаса ԥсаҭатәыс иҟаиҵоит. Анаҩс, ҳазшаз Анцәа ду, Ибраҳим аҩбатәи аԥа, Исҳақ, иирагьы иаҭәеишьоит.
Адунеи иқәынхо аԥсылманцәа зегьы иазгәарҭоит Кәырбанныҳәа.
Гәыла-ԥсыла Аллаҳ изааигәахара, рыгәнаҳарақәа рхыхра, арыцҳаибашьара, аилибакаара, ԥсылманҵасла ҳазшаз иашьапкра, абарҭ аусқәа рымҩаҧгаразы, Курбан-Баирам аныҳәазы, аԥсылманцәа, ԥсаҭатәыс ашьтәақәа ршьуеит. Уи зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу аҭаацәарақәа ирзыршоит, аҳамҭақәа еимырдоит, еҭанаиааиуеит. Даҽа аамҭанык еиԥшымкәа агәыҳалалреи аразреи аадырԥшуеит.
Арадио
Џьуӷьелиа Кәырбан-ныҳәаз: алшара сымазҭгьы, Мекка имцац дсышьҭуан