https://sputnik-abkhazia.info/20230628/asny-zyyk-raara-kyrban-nya-azgaara-ialakhyn-1046596614.html
Аԥсны зықьҩык раҟара Кәырбан-ныҳәа азгәаҭара иалахәын
Аԥсны зықьҩык раҟара Кәырбан-ныҳәа азгәаҭара иалахәын
Sputnik Аҧсны
Аԥсны иазгәарҭоит аԥсылман ныҳәа - Кәырбан-ныҳәа. 28.06.2023, Sputnik Аҧсны
2023-06-28T16:20+0300
2023-06-28T16:20+0300
2023-06-28T16:20+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/1c/1046588951_0:161:3067:1886_1920x0_80_0_0_199a83f97f7dbba2f74f6b5ca324b600.jpg
АҞӘА, рашәара 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны зықьҩык раҟара Кәырбан-ныҳәа азгәаҭара иалахәын ҳәа еиҭеиҳәеит Аԥсны Аԥсылманцәа иаку рдоуҳатә усбарҭа аиҳабы Ҭемыр Ӡыба. Ауадаҩрақәа шыҟазгьы, ауаа рацәаҩны еизеит, амшгьы бзиан.Аматанеира анхыркәшаха, аныҳәеишәақәа рхианы адинхаҵаҩцәеи асасцәеи акрырҿарҵеит."Аԥсны аԥсылманцәеи ажәлар зегьи иахьатәи аныҳәа ду рыдысныҳәалар сҭахуп. Ҳазшаз ҳиҳәоит ауаа илԥха-игәыԥха рымазарц, иахьа аамҭа цәгьак ҳҭагылоуп, ҳакәша-мыкәша ацәгьарақәа маҷым. Аллаҳ ҳиҳәоит Аԥсни уи анҭыҵи зегьы лыԥхала еилиргарц", - иҳәеит Ӡыба. бан-баирам (ҭырқәшәала) ма Ид аль-Адха (араб бызшәала) - аԥсаҭатә ианыҳәоуп, аԥсылман ныҳәа хадақәа ҩба ируакуп, иара иаанаго Меккаҟа ахаџьра ахыркәшара ауп. Аныҳәа азгәарҭоит Ураза-баирам ашьҭахь 70 мшы ааҵуаны, аԥсылманцәа рымзар ала жәаҩатәи амза зуль-хиджжа 10-тәи амш аҽны. Аныҳәа хԥа-ԥшьба мшы ицоит.Ари аҽны, аҟәырҟан излаҳәо ала, ԥхыӡла аԥааимбар, апророк Ибраҳим иҿы днеины, ԥсаҭатәыс Аллаҳ иҿаԥхьа иԥа дҟаиҵарц иеиҳәеит. Ибраҳим дазыразны, Мекка адәҳәыԥш аҟны дцаны, аҽазыҟаҵаратә усмҩаԥгатәқәа дрылагеит. Аллаҳ, абас ала дԥишәеит Ибраҳим, агәрагьы игеит иҿаҳәатәы шынаигӡоз ала. Аҵыхәтәантәи аминуҭқәа рзы, Аллаҳ Ибраҳим иԥа деиқәирхоит. Иԥа ихаҭыԥан ауаса ԥсаҭатәыс иҟаиҵоит. Анаҩс, ҳазшаз Анцәа ду, Ибраҳим аҩбатәи аԥа, Исҳақ, иирагьы иаҭәеишьоит.Адунеи иқәынхо аԥсылманцәа зегьы иазгәарҭоит Кәырбанныҳәа.Гәыла-ԥсыла Аллаҳ изааигәахара, рыгәнаҳарақәа рхыхра, арыцҳаибашьара, аилибакаара, ԥсылманҵасла ҳазшаз иашьапкра, абарҭ аусқәа рымҩаҧгаразы, Курбан-Баирам аныҳәазы, аԥсылманцәа, ԥсаҭатәыс ашьтәақәа ршьуеит. Уи зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу аҭаацәарақәа ирзыршоит, аҳамҭақәа еимырдоит, еҭанаиааиуеит. Даҽа аамҭанык еиԥшымкәа агәыҳалалреи аразреи аадырԥшуеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20230628/bzhania-asny-iynkho-asylmantsa-kyrban-nya-rydinyaleit-1046595917.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230628/uelia-kyrban-nyaz-alshara-symazgy-mekka-imtsats-dsyshuan--1046592749.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/1c/1046588951_169:0:2898:2047_1920x0_80_0_0_763cf0c1e474b16363c2d52a48325065.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны зықьҩык раҟара Кәырбан-ныҳәа азгәаҭара иалахәын
Аԥсны иазгәарҭоит аԥсылман ныҳәа - Кәырбан-ныҳәа.
АҞӘА, рашәара 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны зықьҩык раҟара Кәырбан-ныҳәа азгәаҭара иалахәын ҳәа еиҭеиҳәеит Аԥсны Аԥсылманцәа иаку рдоуҳатә усбарҭа аиҳабы Ҭемыр Ӡыба.
"Иахьа Аԥсны аԥсылманцәа, адунеи иқәынхо аԥсылманцәа зегь реиԥш, ари аныҳәа азгәарҭеит. Аҟәеи Гәдоуҭеи аџьаамақәа рҿы Аллаҳ имҵаныҳәара мҩаԥган. Ауаа ахьырацәаз иахҟьаны аџьаамақәа рыҩнуҵҟа адагьы, атротуарқәеи амҩақәеи рҿы ауаа гылар акәхеит, ашәарҭадара аԥҟарақәа ирықәныҟәаны. Аџьаамақәа рхыбрақәа хәыҷуп азы, изҭаху зегьы акӡом", - иҳәеит иара.
Ауадаҩрақәа шыҟазгьы, ауаа рацәаҩны еизеит, амшгьы бзиан.
Аматанеира анхыркәшаха, аныҳәеишәақәа рхианы адинхаҵаҩцәеи асасцәеи акрырҿарҵеит.
"Аԥсны аԥсылманцәеи ажәлар зегьи иахьатәи аныҳәа ду рыдысныҳәалар сҭахуп. Ҳазшаз ҳиҳәоит ауаа илԥха-игәыԥха рымазарц, иахьа аамҭа цәгьак ҳҭагылоуп, ҳакәша-мыкәша ацәгьарақәа маҷым. Аллаҳ ҳиҳәоит Аԥсни уи анҭыҵи зегьы лыԥхала еилиргарц", - иҳәеит Ӡыба.
бан-баирам (ҭырқәшәала) ма Ид аль-Адха (араб бызшәала) - аԥсаҭатә ианыҳәоуп, аԥсылман ныҳәа хадақәа ҩба ируакуп, иара иаанаго Меккаҟа ахаџьра ахыркәшара ауп. Аныҳәа азгәарҭоит Ураза-баирам ашьҭахь 70 мшы ааҵуаны, аԥсылманцәа рымзар ала жәаҩатәи амза зуль-хиджжа 10-тәи амш аҽны. Аныҳәа хԥа-ԥшьба мшы ицоит.
Ари аҽны, аҟәырҟан излаҳәо ала, ԥхыӡла аԥааимбар, апророк Ибраҳим иҿы днеины, ԥсаҭатәыс Аллаҳ иҿаԥхьа иԥа дҟаиҵарц иеиҳәеит. Ибраҳим дазыразны, Мекка адәҳәыԥш аҟны дцаны, аҽазыҟаҵаратә усмҩаԥгатәқәа дрылагеит. Аллаҳ, абас ала дԥишәеит Ибраҳим, агәрагьы игеит иҿаҳәатәы шынаигӡоз ала. Аҵыхәтәантәи аминуҭқәа рзы, Аллаҳ Ибраҳим иԥа деиқәирхоит. Иԥа ихаҭыԥан ауаса ԥсаҭатәыс иҟаиҵоит. Анаҩс, ҳазшаз Анцәа ду, Ибраҳим аҩбатәи аԥа, Исҳақ, иирагьы иаҭәеишьоит.
Адунеи иқәынхо аԥсылманцәа зегьы иазгәарҭоит Кәырбанныҳәа.
Гәыла-ԥсыла Аллаҳ изааигәахара, рыгәнаҳарақәа рхыхра, арыцҳаибашьара, аилибакаара, ԥсылманҵасла ҳазшаз иашьапкра, абарҭ аусқәа рымҩаҧгаразы, Курбан-Баирам аныҳәазы, аԥсылманцәа, ԥсаҭатәыс ашьтәақәа ршьуеит. Уи зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу аҭаацәарақәа ирзыршоит, аҳамҭақәа еимырдоит, еҭанаиааиуеит. Даҽа аамҭанык еиԥшымкәа агәыҳалалреи аразреи аадырԥшуеит.