АҞӘА, рашәара 28 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа Кәырбан-ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Кәырбан-ныҳәаан иҟарҵо аԥсаҭатә адоуҳатә ҵакы ӷәӷәа шамоу, арыцҳаибашьара, аицхыраара ишырдыргоу.
"Кәырбан-ныҳәа Аԥсны иқәынхо ауаа рыбжьара аилибакаара, акзаара, аԥхарра символс иамоуп", - иҳәеит ахада адныҳәалараҿы.
Аԥсны зықьҩык раҟара Кәырбан-ныҳәа иазкыз амҵаныҳәарақәа ирылахәын.