https://sputnik-abkhazia.info/20230628/asny-asylmantsa-kyrban-nya-azgaroit-1046589988.html
Аԥсны аԥсылманцәа Кәырбан-ныҳәа азгәарҭоит
Аԥсны аԥсылманцәа Кәырбан-ныҳәа азгәарҭоит
Sputnik Аҧсны
Кәырбан-баирам (ҭырқәшәала) ма Ид аль-Адха (араб бызшәала) - аԥсаҭатә ианыҳәоуп, аԥсылманцәа рныҳәа хадақәа иреиуоуп. Аԥсны уи Кәырбан-нҳәы ҳәа иашьҭоуп... 28.06.2023, Sputnik Аҧсны
2023-06-28T10:00+0300
2023-06-28T10:00+0300
2023-06-28T10:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/1c/1046588972_0:161:3067:1886_1920x0_80_0_0_53fed6c1eeb1d3eb2722340fd96e54b2.jpg
АҞӘА, рашәара 28 - Sputnik. Аԥсны аԥсылманцәа иахьа, рашәара 28 рзы, реиҳа ихадоу аныҳәақәа ируаку - Кәырбан-ныҳәа азгәарҭоит. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ақәҵара аднакылеит рашәара 28 иныҳәатә ԥсшьарамшны аҟаҵаразы. Кәырбан-баирам (ҭырқәшәала) ма Ид аль-Адха (араб бызшәала) - аԥсаҭатә ианыҳәоуп, аԥсылман ныҳәа хадақәа ҩба ируакуп, иара иаанаго Меккаҟа ахаџьра ахыркәшара ауп. Аныҳәа азгәарҭоит Ураза-баирам ашьҭахь 70 мшы ааҵуаны, аԥсылманцәа рымзар ала жәаҩатәи амза зуль-хиджжа 10-тәи амш аҽны. Аныҳәа хԥа-ԥшьба мшы ицоит.Ари аҽны, аҟәырҟан излаҳәо ала, ԥхыӡла аԥааимбар, апророк Ибраҳим иҿы днеины, ԥсаҭатәыс Аллаҳ иҿаԥхьа иԥа дҟаиҵарц иеиҳәеит. Ибраҳим дазыразны, Мекка адәҳәыԥш аҟны дцаны, аҽазыҟаҵаратә усмҩаԥгатәқәа дрылагеит. Аллаҳ, абас ала дԥишәеит Ибраҳим, агәрагьы игеит иҿаҳәатәы шынаигӡоз ала. Аҵыхәтәантәи аминуҭқәа рзы, Аллаҳ Ибраҳим иԥа деиқәирхоит. Иԥа ихаҭыԥан ауаса ԥсаҭатәыс иҟаиҵоит. Анаҩс, ҳазшаз Анцәа ду, Ибраҳим аҩбатәи аԥа, Исҳақ, иирагьы иаҭәеишьоит.Адунеи иқәынхо аԥсылманцәа зегьы иазгәарҭоит Кәырбанныҳәа.Гәыла-ԥсыла Аллаҳ изааигәахара, рыгәнаҳарақәа рхыхра, арыцҳаибашьара, аилибакаара, ҧсылманҵасла ҳазшаз иашьапкра, абарҭ аусқәа рымҩаҧгаразы, Курбан-Баирам аныҳәазы, аԥсылманцәа, ԥсаҭатәыс ашьтәақәа ршьуеит. Уи зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу аҭаацәарақәа ирзыршоит, аҳамҭақәа еимырдоит, еҭанаиааиуеит. Даҽа аамҭанык еиԥшымкәа агәыҳалалреи аразреи аадырԥшуеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20230622/asny-daa-ssharamshyk-rylaoup-1046499463.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/1c/1046588972_169:0:2898:2047_1920x0_80_0_0_fa15f04b70b6d32405e4703c982931a2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны аԥсылманцәа Кәырбан-ныҳәа азгәарҭоит
Кәырбан-баирам (ҭырқәшәала) ма Ид аль-Адха (араб бызшәала) - аԥсаҭатә ианыҳәоуп, аԥсылманцәа рныҳәа хадақәа иреиуоуп. Аԥсны уи Кәырбан-нҳәы ҳәа иашьҭоуп. Сынтәа уи рашәара 28 иақәшәеит, атәылаҿы ԥсшьарамшны ирыларҳәеит.
АҞӘА, рашәара 28 - Sputnik. Аԥсны аԥсылманцәа иахьа, рашәара 28 рзы, реиҳа ихадоу аныҳәақәа ируаку - Кәырбан-ныҳәа азгәарҭоит.
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ақәҵара аднакылеит рашәара 28 иныҳәатә ԥсшьарамшны аҟаҵаразы.
Кәырбан-баирам (ҭырқәшәала) ма Ид аль-Адха (араб бызшәала) - аԥсаҭатә ианыҳәоуп, аԥсылман ныҳәа хадақәа ҩба ируакуп, иара иаанаго Меккаҟа ахаџьра ахыркәшара ауп. Аныҳәа азгәарҭоит Ураза-баирам ашьҭахь 70 мшы ааҵуаны, аԥсылманцәа рымзар ала жәаҩатәи амза зуль-хиджжа 10-тәи амш аҽны. Аныҳәа хԥа-ԥшьба мшы ицоит.
Ари аҽны, аҟәырҟан излаҳәо ала, ԥхыӡла аԥааимбар, апророк Ибраҳим иҿы днеины, ԥсаҭатәыс Аллаҳ иҿаԥхьа иԥа дҟаиҵарц иеиҳәеит. Ибраҳим дазыразны, Мекка адәҳәыԥш аҟны дцаны, аҽазыҟаҵаратә усмҩаԥгатәқәа дрылагеит. Аллаҳ, абас ала дԥишәеит Ибраҳим, агәрагьы игеит иҿаҳәатәы шынаигӡоз ала. Аҵыхәтәантәи аминуҭқәа рзы, Аллаҳ Ибраҳим иԥа деиқәирхоит. Иԥа ихаҭыԥан ауаса ԥсаҭатәыс иҟаиҵоит. Анаҩс, ҳазшаз Анцәа ду, Ибраҳим аҩбатәи аԥа, Исҳақ, иирагьы иаҭәеишьоит.
Адунеи иқәынхо аԥсылманцәа зегьы иазгәарҭоит Кәырбанныҳәа.
Гәыла-ԥсыла Аллаҳ изааигәахара, рыгәнаҳарақәа рхыхра, арыцҳаибашьара, аилибакаара, ҧсылманҵасла ҳазшаз иашьапкра, абарҭ аусқәа рымҩаҧгаразы, Курбан-Баирам аныҳәазы, аԥсылманцәа, ԥсаҭатәыс ашьтәақәа ршьуеит. Уи зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу аҭаацәарақәа ирзыршоит, аҳамҭақәа еимырдоит, еҭанаиааиуеит. Даҽа аамҭанык еиԥшымкәа агәыҳалалреи аразреи аадырԥшуеит.